АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин 79,3% урыстәылаа игәрагара рымоуп ҳәа азгәанаҭоит ВЦИОМ.
76% ареспондентцәа атәыла ахада иумҭақәа ирықәшаҳаҭуп, 14,6% - ирықәшаҳаҭым.
Иара убасгьы егьырҭ аполитикатә усзуҩцәа рганахьалагьы азҵаара ҭиин. Михаил Мишустин игәра ргоит 62,3%, Геннади Зиуганов - 31,9%, Сергеи Миронов – изазҵааз ахԥатәи рыхәҭак. Апартиа "Иаку Урыстәыла" иадгылоит 40,9%.