Аԥсны

Дранда ауаҩԥсы ахьымаҭәа иӷьычит ҳәа даанкылоуп

Агәызҩара ззыҟоу ахаҵа аԥареи ахьымаҭәеи иӷьычит, уи ахә 220 нызқь мааҭ реиҳауп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik. Гәылрыԥшь араион Дранда инхо Ҭенгиз Қапба аԥареи ахьымаҭәеи иӷьычит ҳәа агәызҩара ыҟаны даанкылоуп. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҩАР апресс-маҵзура.
Ацәгьоура мҩаԥган Баслаҭа ақыҭаҿы. 37 шықәса зхыҵуа Қапба аԥенџьыр адаԥа амхны аҩны дыҩналаны аԥареи ахьымаҭәеи ҩнигеит.
Иигаз ахәԥса 222 мааҭ инаӡоит. Азинхьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа дааныркылеит, иигаз имхны ашьаус хацдыркит. Ҭенгиз Қапба дырбаандаҩуп.