АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Гагра араионтә еизареи Шәача Ақалақьтә еизареи рдепутатцәа рнапы аҵарҩит аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рзы аиқәшаҳаҭра ахәаша, ԥхынҷкәын 15 рзы. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Дауҭ Ақаҩба.
Уаанӡа адепутатцәа Иури Немцеви Дауҭ Ақаҩбеи аиқәшаҳаҭра апроект азааҵаҩра мҩаԥыргеит.
Аҩқалақьк рыбжьара макьана аофициалтә еизыҟазаашьақәа шьақәыргыламызт. Рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра иабзоураны адоуҳатәи акультуратәи мазара шьаҭас измоу аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара иацхраауеит, иара убас Гагра араиони Шәачеи рыбжьара аусеиура арҿиоит аҿартә, акультуратә, арҿиаратә, аспорттә, аҵараиуратә, атуристтә еиҿкаарақәа рыбжьара, апрофессионалтәи ахалаԥшьгаратәи рҿиаратә коллективқәа, аспорттә командақәа, атуристтә гәыԥқәа рԥышәеимадара иацхраауеит.