Аԥсны

Харитон Агрба аиааира игеит Астана имҩаԥысыз аицлабраҿы

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik. Аԥснытәи абоксиор Харитон Агрба аиааира игеит Ҟазахсҭан аҳҭнықалақь Астана имҩаԥысуаз аицлабра "IBA ачемпионцәа рыҵх" аҿы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аспорт азы аҳәынҭеилакы.
Аиқәԥара аа-раундк имҩаԥысуан. Аӡбаҩцәа хаз-хазы ишырӡбаз ала, Агрба дииааит аҟазах спортсмен Дулат Бекбауов 2:1 ҳәа.
Харитон Агрба – Аԥснытәи апрофессионалтә спортсмен, аицлабрақәа рыҟны Урыстәыла абираҟ даҵагыланы дықәгылоит. Иара жәларбжьаратәи акласс ала аспорт дазҟазоуп, WBA Fedecaribe, WBA Continental, IBF European ртитулқәа ианашьоуп, апрофессионалтә ринг аҿы 2019 шықәса аахыс дықәгылоит.