"Кавказтәи акультура иахьатәи аамҭазы" атемала ААУ аҿы аҵарауаҩ Олег Дамениа астудентцәа рзы алекциа мҩаԥигеит. Ҳаамҭазы ажәлар маҷқәа рҭагылазаашьа абанӡауашәшәыроу, мраҭашәаратәи ацивилизациа иҟанаҵо анырра ҳабанӡацәыхьчоу, ԥеиԥшс ирымоузеи аԥсуа жәлар аглобализациа аамҭазы, абри азы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит аҵарауаҩ Олег Дамениа.
Аҵарауаҩ игәаанагарала, иахьазы ацивилизациеи акультуреи реиҿагылара ду мҩаԥысуеит. Убри аан ацивилизациа иаҳа аԥыжәара агоит, иара ҿырԥштәыс иааигеит ҳтәылаҿы иҟоу аҭагылазаашьа. Дамениа игәаанагарала, аԥсуаа рыхшыҩ аиҳарак амалрҳарахь иагеит, акультура азҵаара аганахь иаанхеит. Амали акультуреи реиҿагылара иарҿиоит аибашьарақәа. Уи ҳмилаҭ ашәарҭара иҭанаргылоит. Аҵарауаҩ иажәақәа рыла, макьанагьы цқьаны иҭҵааӡам ацивилизациа ҳахдырра ишанырыз, нас ауп уи аҽацәыхьчаразы иҟаҵатәу аныӡбатәу. Дамениа иҳәеит, ажәлар рыҩнуҵҟа аелита аҟазаара ҵакыс иамоу.
Аицәажәара инеиҵыхны шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.