АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik. Урыстәыла Абанк хада адиректорцәа рхеилак иаӡбеит ихадоу азыԥҵәа проценттә пунктк ала ишьҭыхзарц - шықәсык ала 16% ҳәа.
Ари аҩыза аӡбамҭа рыдыркылеит аинфлиациа ақәыӷәӷәара ахьыҳаракхаз азы - ашықәс алҵшәақәа рыла аинфлиациа 7-7,5% иартәоит ҳәа иазыԥшуп.
"Убри аан аҩнуҵҟатәи ахашәалахәы 2023 шықәсазы жьҭаарамзазы иазԥхьагәарҭоз аасҭа 3% инацны еиҳахоит, абри аҩыза ахәшьара ҟанаҵоит Урыстәыла Абанк хада. Уи иаанаго уи ауп, урыстәылатәи аекономика ибалансырку аизҳара ахырхарҭа иахьырԥшны жьҭаарамзазы Урыстәыла Абанк иазԥхьагәанаҭоз аизҳара аасҭа еиҳахоит ҳәа", - ҳәа ануп аҭышәныртәалаҩ исаит аҟны.
2024 шықәса рзы Абанк агәы иҭоуп аинфлиациа аҩаӡара 4% рахь иархырҳәырц. Убри азы аекономикаҿы акредит-ԥаратә ҭагылазаашьақәа шарӷәӷәац иарӷәӷәоит.
Азыԥҵәа хада - ари Абанк хада акоммерциатә банкқәа мчыбжьык ҳәа акредитқәа анрырҭо иреиҵаӡоу процентс ирықәырҵо ауп, уи апроцент алагьы ауп адепозитқәа рзы аԥарақәа зладнакыло.