Арадио

Герхьелиа: аҩныҟа ҽыԥсахра санаауаз иаҳа сшәон, аибашьра ацәаҳәаҿы саныҟаз аиҳа

Агәымшәараз амедал занашьоу Витана Гьерхьелиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит, лыԥшәмагьы лареи ахәыҷқәа ааныжьны еибашьра ишцаз, амедицианатә цхыраара аиҿкаара шрылдыршаз, ажәыларақәа раан ашәара азхәыцхара аамҭа шрымамыз, лҩызцәа дыԥсит ҳәа дшырҵәоуаз.
Sputnik
Витана аибашьра ианалага, 30 шықәса лхыҵуан, аҭаацәара далалахьан, ахәыҷқәагьы лыман. Ажәабжь лаҳаит Ӷәада аԥсраҿы дшыҟаз. Аҩны даннеи, аиҳабацәа еибашьра дышцо атәы анралҳәа, санхәа дааины схы дагәӡит, абас агәаӷьра бымазар лҳәан дааныҳәан саулышьҭит. Витана лыԥшәма, иашьцәа ҩыџьа, лара, ԥшьҩык аҩнаҭа идәылҵны ицеит еибашьра.
"Имариаӡамызт ахәыҷқәа ааныжьны ацара, аха убас иҟалеит, аҩныҟа ҽыԥсахра санаауаз иаҳа сшәон, аибашьра ацәаҳәаҿы саныҟаз аиҳа. Абра сыштәо иаар, сыла ишабо ахәыҷқәа ршьыр ҳәа сшәон…" - ҳәа еиҭалҳәеит Витана.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.