АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 - Sputnik. Алхратә гәыԥ Путин Урыстәыла ахада иалхрақәа рылахәхаразы иӡбамҭа еицҿакны иақәшаҳаҭхеит, абри атәы аҩуеит РИА Новости.
"Владимир Владимир-иԥа Путин икандидатура иақәшаҳаҭу шәыбжьы ашәҭа. Иақәшаҳаҭда?- абас азҵаара ықәиргылеит "Жәлар рфронт" анапхгаҩы Михаил Кузнецов.
Абжьыҭира ашьҭахь, еизаз зегьы Путин икандидатура еицҿакны ишақәшаҳаҭу атәы иҳәеит.
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Владимир Путин адырра ҟаиҵеит Урыстәыла ахада иалхрақәа ихы шалаирхәуа. Уи аԥхьаҟа иара ԥшьынтә Урыстәыла ахадас далырххьан: 2000, 2004, 2012, 2018 шықәсқәа рзы. Аконституциа аԥсахрақәа аналаргала ашьҭахь иара иоуит даҽазныкгьы алхрақәа рылахәхаразы алшара.
Афедерациатә хеилак Урыстәыла ахада иалхра арыцхә ҳәа ишьақәнаргылеит 2024 шықәса хәажәкыра 17. Урыстәыла АКХ ахада иалхразы абжьыҭарақәа хымш хәажәкыра 15-17 рзы ишымҩаԥысуа шьақәнарӷәӷәеит.