Арадио

Аргәын Аԥсныҟа нхара иааразы: ашьа ҳаанагеит

Sputnik
Адырраҭара “Зхьышьҭра змырӡыз” аҳәаақәа ирҭагӡаны зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рҭоурыхқәа еилаҳкаауеит. Урҭ рабацәеи рабдуцәеи знысыз амҩеи иахьа ирыԥсҭазаашьоуи атәы еиҭарҳәоит арадио Sputnik аефир аҟны.
Гьиурген Аргәын Аԥсныҟа дааит аибашьра ашьҭахь. Уи зыбзоурахаз Аԥсны еибашьуаз иашьа Меџьеҭ Аргәын иоуп. Анхарҭа рҽазыркит Гәылрыԥшь араион, иахьагьы уа инхоит.
"Аԥсышәамзар уаҳа акгьы ҳҳәомызт Ҭырқәтәыла, Аԥсны ахь агәыбылра ҳаман, ҳцандаз ҳәа ҳаҟан, аха иалымҵит. Ашьа ҳаанагеит ҳаргьы. Ҳшьапы анықәҳаргыл Аԥсны аҵәыуара ҳалагеит, уажәраанӡа ҳзымааи ҳҳәон, аха уи ҳнапы ианымызт, усҟан аамҭа цәгьан. Ҳара ара ҳаҟоуп, ҳаԥсуазаргьы ара ҳаԥсуеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аргәын.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.