АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 - Sputnik. Мраҭашәаратәи атәылақәа ирҭахы-ирҭахым Урыстәыла агәаанагара иаххәыцлароуп, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Владимир Путин адырраҭара "Москва. Кремль. Путин" ажурналист Павел Зарубин аинтервиу анииҭоз.
"Еидҳәалоу агәаанагарақәа рыԥшаалароуп, избан акәзар, Урыстәыла агәаанагара иаххәыцлароуп", - иҳәеит Урыстәыла ахада.
Убри аан Путин, Урыстәыла НАТО иалоу атәылақәа ирыжәларц ргәы иҭоуп ҳәа Џьо Баиден иҟаиҵаз аҳәамҭа гаӡабызшәоуп ҳәа ахыиҳәааит. Путин игәаанагарала, америкаа Урыстәыла аганахь иаадырԥшуа аполитика шҵаҵӷәыдоу атәы иаахтны ирзыҳәом ауп ас еиԥш иҟоу аҳәамҭақәа зыҟарҵо.
"Урыстәыла азы- уи ҵакыдоуп, изызҿлымҳау ҳәа акгьы ыҟаӡам - агеополитикатәии, аекономикатәии, аполитикатәии, арратәии рхырхарҭақәа рыла НАТО аибашьразы. Ҳҵакырақәа еимаҳкуа ҳаҟам, ҳаизыҟазаашьақәа рыԥхасҭатәра ҳҭахым. Ҳусеиура аҿиароуп иаҳҭахәу", - иҳәеит ахада.
Путин иҳәеит, Урыстәыла Аҩада-тлантикатәи алианс атәылақәа рахь гәынамӡарак шрымам, дара роуп аимакқәа зхәыцуа ҳәа.