Урыстәыла

Путин: СССР анеилаҳа ашьҭахь, Мраҭашәара Урыстәылагьы еиланарбгар аҭахын

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 - Sputnik. СССР анеилаҳа ашьҭахь, Мраҭашәара Урыстәылагьы еиланарбгар аҭахын, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Владимир Путин адырраҭара "Москва. Кремль. Путин" ажурналист Павел Зарубин аинтервиу анииҭоз.
Путин иҳәеит, 20 шықәса ашәарҭадаратә усбарҭеи, адәныҟатәи аԥшыхәреи, Петербург аиҳабы иҳаҭыԥуаҩси, УАШәМ аиҳабыси, Ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩси, Аиҳабыра аиҳабыси аус шиуазгьи Мраҭашәара Урыстәыла аҽакала иазыҟоушәа игәы ишабоз.
"Аиаша сҳәозар, хәыҷҵас агәра згон, илаахтыру адунеи ҳәа ҳзышьҭо Урыстәыла усҟан иахьыз шеилыркаауаз", - иҳәеит Путин.
Путин иажәақәа рыла, мраҭашәаратәи атәылақәа Урыстәыла аганахь иҽеимкәа рхы аадырԥшон, иаҳҳәозар, ҳтәылаҟны аҵакыраҟны атерроризми асепаратизми адгылара арҭон.
"Зегьы СССР иаҿагылоуп, уи акәхап уажәгьы ас рхы шымҩаԥырго ҳәа сгәахәон", - иҳәеит иара.