Аиашьаратә еиҩызаразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит Гагра араиони Шәачеи. Адокумент рнапы аҵарҩит ԥхынҷкәынмза 15 рзы Гагра араионтә еизара ахантәаҩы Асҭан Агрбеи Шәачатәи аизара ахантәаҩы Виктор Филонови. Арҭ аимадарақәа иалдыршо аусеицуреи ахҭыс иаанартуа алшара ҿыцқәеи арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит Гагра араионтә еизара ахантәаҩы Асҭан Агрба.
"Шәача ақалақьи Гагра араиони рҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа, ауадаҩрақәа еиԥшуп. Амшын иаԥну акурорттә қалақьқәа роуп. Ирымоуп еиԥшу апроблемақәа аӡы, аргыларақәа рганахьала, иҟоуп аекологиа азҵаарақәа. Аргыларақәа раан дара рхы иадырхәо аԥҟарақәа ааигәоуп ирыхәаԥшуа ианалага, ҳара ус еиԥш иҳамаӡам. Ари аганахьала аус еицаҳурц еибаҳҳәеит. Аиқәшаҳаҭра иабзоураны убасгьы акультура аганхьала аусеицуразы алшарақәа ҟалоит", - иҳәеит Агрба.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.