АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәбеи Урыстәыла Аҳәынҭдума ахантәаҩы Виачеслав Володини, Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент аиҳабы Алан Алборови Москва еиԥылеит. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭдума апресс-маҵзура.
Аиԥылара иара убасгьы далахәын Беларусь Амилаҭтә еизара Ахаҭарнакцәа рпалата ахантәаҩы Владимир Андреиченко.
Аганқәа Аԥсны, Урыстәыла, Беларуссиа, Аахыҵ Уаԥстәыла рзакәанԥҵаратә усбараҭқәа рпарламентбжьаратә еинырра азҵаарақәа ирылацәажәеит.