Акәасқьа инхо Витали Ԥлиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭа иацу аџьабаа атәы, убри аан аусқәа реиқәҵара ишаԥсам зегьы урыхьӡарцаз, иааԥсара инаҭо алҵшәа, насгьы абаҳчааӡараҿы дзықәныҟо аԥҟарақәа ртәы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.