Ахәмарра ашьапылампыл абзиабаҩцәа аӡәырҩы азҿлымҳан. Ишыхьҭазгьы, уи иахәаԥшырц ауаа рацәаны еизеит. Аӡәырҩы зынӡа иқәыԥшқәан, дара ибзианы ирдыруан ахәмарцәа рыхьӡқәеи урҭ рномерқәеи, реиҳа бзиа ирбоз аиааирц гәыкала ирҭахын.
Ахәаԥшцәа ахьҿырҭуаз, иахьҭаҭәҳәоз адагьы, адаулқәа атрибунақәа рахь инарган, иасуан.
"Аԥсны" еиҳа амчи, алшареи, агәацԥыҳәареи аадырԥшит, аиааирагьы ргеит 3:1 ҳәа. Ампыл амба иҭадыршәит Мараҭ Агрбеи, Ҭемыр Агрбеи, Леон Аибеи. Асасцәа рахьтә мпылк ҭазыршәыз Максим Подлужныи иоуп.