https://sputnik-abkhazia.info/20231219/akha--1049525578.html
Ашьапылампыл аныҳәа: "Аԥсни" "Амкали" рыхәмарра
Ашьапылампыл аныҳәа: "Аԥсни" "Амкали" рыхәмарра
Sputnik Аҧсны
Ашьапылампылтә клуб "Аԥсни" урыстәылатәи амедиалига иалоу акоманда "Амкали" рыбжьара ашоу-матч мҩаԥысит Аҟәа аҩаша, ԥхынҷкәын 19 рзы. 19.12.2023, Sputnik Аҧсны
2023-12-19T22:30+0300
2023-12-19T22:30+0300
2023-12-20T00:22+0300
аԥсны
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/13/1049520837_0:57:1488:894_1920x0_80_0_0_05d881e9fc4240a2af78dd105929b3f2.jpg
Ахәмарра ашьапылампыл абзиабаҩцәа аӡәырҩы азҿлымҳан. Ишыхьҭазгьы, уи иахәаԥшырц ауаа рацәаны еизеит. Аӡәырҩы зынӡа иқәыԥшқәан, дара ибзианы ирдыруан ахәмарцәа рыхьӡқәеи урҭ рномерқәеи, реиҳа бзиа ирбоз аиааирц гәыкала ирҭахын.Ахәаԥшцәа ахьҿырҭуаз, иахьҭаҭәҳәоз адагьы, адаулқәа атрибунақәа рахь инарган, иасуан."Аԥсны" еиҳа амчи, алшареи, агәацԥыҳәареи аадырԥшит, аиааирагьы ргеит 3:1 ҳәа. Ампыл амба иҭадыршәит Мараҭ Агрбеи, Ҭемыр Агрбеи, Леон Аибеи. Асасцәа рахьтә мпылк ҭазыршәыз Максим Подлужныи иоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/13/1049520837_111:0:1378:950_1920x0_80_0_0_e9e3dec7eea7855bdb565c95461c90ca.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
афотосахьақәа, фото
Ашьапылампыл аныҳәа: "Аԥсни" "Амкали" рыхәмарра
22:30 19.12.2023 (ирҿыцуп: 00:22 20.12.2023) Ашьапылампылтә клуб "Аԥсни" урыстәылатәи амедиалига иалоу акоманда "Амкали" рыбжьара ашоу-матч мҩаԥысит Аҟәа аҩаша, ԥхынҷкәын 19 рзы.
Ахәмарра ашьапылампыл абзиабаҩцәа аӡәырҩы азҿлымҳан. Ишыхьҭазгьы, уи иахәаԥшырц ауаа рацәаны еизеит. Аӡәырҩы зынӡа иқәыԥшқәан, дара ибзианы ирдыруан ахәмарцәа рыхьӡқәеи урҭ рномерқәеи, реиҳа бзиа ирбоз аиааирц гәыкала ирҭахын.
Ахәаԥшцәа ахьҿырҭуаз, иахьҭаҭәҳәоз адагьы, адаулқәа атрибунақәа рахь инарган, иасуан.
"Аԥсны" еиҳа амчи, алшареи, агәацԥыҳәареи аадырԥшит, аиааирагьы ргеит 3:1 ҳәа. Ампыл амба иҭадыршәит Мараҭ Агрбеи, Ҭемыр Агрбеи, Леон Аибеи. Асасцәа рахьтә мпылк ҭазыршәыз Максим Подлужныи иоуп.

Ашьапылампылтә клуб "Аԥсни" урыстәылатәи амедиалига иалоу акоманда "Амкали" рыбжьара ашоу-матч мҩаԥысит Аҟәа.

Ахәмарра даара иласын, аспортсменцәа аӡәи-аӡәи еивасны реиҳа зылшо ҳәа еицлабуан.

Ахәмарра шеиҩызаратәызгьы, аҩкомандакгьы аиааир рҭахын.

"Амкал" - амедиалигаҟынтәи Аԥсныҟа иааз аҩбатәи акомандоуп.

Ахәаԥшцәа қәыԥшцәа акоманда "Аԥсны" иадгыланы ҿырҭуеит.

Аԥснытәи акоманда ахәмарҩы хыла ампыл дасуеит.

Аиндаҭлаҩцәа ампыл иашьҭоуп.

Ашоу-матч аҟәатәи астадион "Динамо" аҿы имҩаԥысуан.

Ахәаԥшцәа ахьҿырҭуаз, иахьҭаҭәҳәоз адагьы, адаулқәа атрибунақәа рахь инарган, иасуан.

"Амкал" ахәмарҩы иҩыза хыла ампыл ииҭоит.

Ахәмарра зегьы иалагӡаны "Аԥсны" аԥыжәара аман.

Уи хыркәшан 3:1 ҳәа аԥснытәи акоманда аиааирала.

Ахәаԥшцәа гәырӷьаҵәа иҟоуп.