АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik, Бадри Есиава. Гагра апетарда зымпыҵаԥжәаз Шәачаҟа диаргеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы.
Аусбарҭаҿ иазгәарҭеит ԥхынҷкәын 14 рзы ахәышәтәырҭахь инаргаз аӡӷаб аԥхьатәи ацхыраара шылзыҟарҵаз. Аӡӷаб лыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагыламызт.
Гагратәи ахәышәтәырҭа аҳақьымцәа ишьақәдырӷәӷәом аӡӷаб илымпыҵаԥжәаз петардоуп ҳәа аха иароуп еиҳа изқәырҵо. Иара убасгьы ирылаҵәаз авидео ари шьақәнарӷәӷәоит.
Ахәышәтәырҭаҿ ирҳәеит сынтәазы ари раԥхьатәи хҭысуп ҳәа. 2022 шықәсазы Гагра апетарда иахҟьаны хаҵак ааха иоухьан.