Акультура-гәыҳалалратә фонд “Ашана” аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik Аԥсны астудиаҿы еиҭалҳәеит есышықәсатәи акциа "Ашанаҵла" сынтәала актәи ахәҭа шхыркәшоу. Афондқәа "Кьарази" "Ашанеи" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа рҟынтәи асаламшәҟәқәа 450 алаҵан, урҭ хәымш рыла аҳамҭа рзыҟазҵар зҭаху ауаа иргеит ҳәа азгәалҭеит Џьынџьалԥҳа. Лара лажәақәа рыла, ахәыҷқәа ианаамҭоу аҳамҭақәа роурц азы амза 25–нӡа урҭ афондқәа рахь инагатәуп. Амза 26 рзы ахәыҷқәа рзы ахыркәшаратә усмҩаԥгатә еиҿкаахоит асааҭ 14 рзы. Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.