Арадио

Аҩӡба "Ткварчельский горняк" азы: иҭзыжьуаз аибашьра ацәаҳәаҿы игылаз инарываҟәылон

Иҭыҵит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан зҭыжьра иаҟәымҵыз агазеҭ "Ткварчельский горняк" аҭыжьымҭақәа еидызкылаз ашәҟәы. Аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭаеиҳәеит уи заԥшьгахаз атәы.
Sputnik
Аибашьра аҭоурых аҭҵаараҿы излаҳалшо ала аматериалқәа ауаа зегьы ирбаратәы аҟаҵара хықәкыс иҳамоуп ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Аҩӡба.
"Усҟан агазеҭ ҭзыжьуазгьы уа ианырҵон иарбан номерзаалак - ишҭоурыху. Урҭ еилыркаауан изҿыз шҭоурыхыз. Дара аибашьра ацәаҳәаҿы игылаз инарываҟәало иҟан. Аҭагылаазаашьа цәгьан, амлакра, ахьҭакра, алашара аҟамзаара, ақьаад аҟамзаара – абарҭ зегьы ирхыҵны, нас зегьы иреицәаз рыуа, рҭынха, иахьа дыршьуа, уаҵәы дыршьуа анызумдыруа ицәгьоуп аҭоурых аҿы инхо аусқәа рырҿиара. Агазеҭ аибашьраан иҭзыжьуаз ауаа зегьы афырхаҵара иаԥсоуп. Усҟан уи фырхаҵароуп ҳәа рыԥхьаӡаӡомызт, досу ирылшоз ҟарҵон аиааиразы", - ҳәа иҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ аиҿцәажәараҿы.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.