Аԥсны

Аҩнуҵҟатәи аусқәа русзуҩцәа Аԥсны инхо ҩыџьа ауаа ззин ыҟам амаҭәашьарқәа рымырхит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Аԥсны ауааԥсыра ҩыџьа ззин ыҟам амаҭәашьарқәа – анаркотикқәеи апсихотроптә маҭәашьарқәеи рымырхит ҳәа аанацҳауеит АҩАР апресс-маҵзура.
Амарихуана зҭаз асаркьатә банка идбалан 29 шықәса зхыҵуа Аҟәа инхо Дмитри Панаиотов. Иааидкыланы 32 грамм анаркотикқәа имырхит.
Хыԥхьаӡара рацәала ззин ыҟам анаркотикқәа закәаншьаҭада реикәыршаразы ашьаус хацыркуп. Панаиотов атәыла далҵыр шыҟамло азы ашәҟәы инапы аҵеиҩыроуп.
Уи адагьы ААИ агәаҭарҭа "Мысра" аҟны иаанкылан Алиас Партанаӡе зыԥсҟы икыз автомашьына. Партанаӡе имхын апсихотроптә маҭәашьар "Прегабалин".
Партанаӡе уаанӡа аӷьычраз гәҩарас дрыман. Аӡбарҭа аӡбарала иара аҩнытә рбаандаҩра даҵаркызар акәын.
Апсихотроптә маҭәашьар закәаншьаҭада амазаареи аӷьычреи ускны еицахәаԥшуеит. Аӡбарҭа Алиас Партанаӡе даанкылазарц азыӡба аднакылеит.
Аԥсны
Гәдоуҭа араион аҟны даанкылоуп анаркотикқәа здырбалаз урыстәылауаҩ