Арадио

Арҷелиаԥҳа еиҭалҳәеит, иарбан ҿкычымазарақәоу Аԥсны иалаҵәаны иҟоу

Аҳақьымцәа ргәаанагарала ачымазаратә формақәа рҽеиларԥсо иалагеит – аимҳәа, ОРЗ, ковид. Атәыла атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы асезонтә чымазарақәа ахҳәаа рылҭеит.
Sputnik
Иаҳзымдыруа аҿкчымазарақәа ара иҳамаӡам ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы аҳақьым. Арҷелиаԥҳа илҳәеит алшара шрымоу аҿкычымазара еиуеиԥшым аформақәа аҭыԥан еилдыргартә еиԥш.
Убри аан лара иазгәалҭеит, арҭ амзақәа рзы аимҳәаршәаа ахы шьҭнахны ишыҟаз, ари амчыбжь азы акәзар, иалыркаауеит еиҳарак агрипп. Хәыҷык ҳныҟәарақәа аанаҳкылароуп, мамзаргьы иара ахы арцәгьоит ҳәа лҳәеит лара.
Аҳақьым лажәақәа рыла, иҳаҩсыз амчыбжь азы ишьақәыргылан 39-ҩык аковид шрымаз.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.