Аԥсны

Аҟәа араион аҟны иҟалаз амцакра иахҟьаны хаҵак дҭахеит

Амцакра шыҟалаз азы адырра ҟалеит асааҭ 03:49 рзы аԥшьаша, ԥхынҷкәын 21 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. Аҟәа араион аҟны иҟалаз амцакра иахҟьаны зықәра ыҟаз хаҵак дҭахеит ҳәа аарыцҳаит Аԥсны АҶА.
Аҟәа араион Аҩада Ешыра ҩбаны еихагылаз аҩны амца акит. Уи аамҭаз аҩны дыҟан 85 шықәса зхыҵуаз ахаҵа.
АҶА амцарцәара-аиқәырхаратә гәыԥ аҭыԥаҿ ианнеи аамҭазы амцабз аҩны ахыбра зегьы иакәшахьан.
Аҩны блит. Абылра зыхҟьаз ҭырҵаауеит.