Арадио

Џьопуаԥҳа Ҷлоу ахәыҷқәа ргәаҭаразы: аҳақьымцәа рҿабызшәа хааны ианырба, игәырӷьеит

Sputnik
Аԥсуа-абаза адунеизегьтәи аконгресс шықәсык ҵуеит аҳақьымцәа рыманы ақыҭашколқәа рҿы ахәыҷқәа ргәабзиара гәарҭоижьҭеи. Арҭ амшқәа рзы дара аус руан Ҷлоу ақыҭан. Абжьаратә школ адиректор Марина Џьопуаԥҳа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит ахәыҷқәа ргәаҭарақәа иаадырԥшыз, насгьы аҵакы амоу ас еиԥш аусмҩаԥгатә ақыҭақәа рҿы.
Марина Џьопуаԥҳа еиҭалҳәеит аҳақьымцәа имҩаԥыргаз ауси, уи ахәыҷқәеи аиҳабацәеи ишрыдыркылази ртәы.
"Раԥхьатәи амш азы ашьа ргон, ахәыҷқәа зегьы, дара арҵаҩцәагьы ршьа рымхын. Аҩбатәи амш азы аҳақьымцәа ахәыҷқәа аӡәаӡәала ирыхәаԥшуан. Асиақәа заанаҵы ишьақәыргылан азы, аус рыдулара мараихеит. Ахәыҷқәа доусы ҳақьымцыԥхьаӡа иҿы инеины рхы гәарҭон. Актәи амш азы иҵыуоз ахәыҷқәа ҟалеит, ицәышхазгьы ҟалеит, аҩбатәи амш азы шәгәарҭоит акы шәацәымшәан анраҳҳәа, аԥхьа зыҽнызкылоз, ишәоз, нас иргәаԥханы, дара аҳақьымцәагьы рҿабызшәа хааны ахәыҷқәа ишрацәажәоз анырба, игәырӷьаҵәа еикәшаны рыҽгәарҭон", - еиҭалҳәеит Џьопуаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.