Урыстәыла

Шәачатәи аҳаирбаӷәаза ареисқәа рыхәҭак егьырҭ аеродромқәа рахь ишьҭуп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Шәачатәи аҳаирбаӷәаза ареисқәа зеижә амшцәгьа иахҟьаны егьырҭ аеродромқәа рахь ишьҭуп, абри атәы аанацҳауеит аҳаирбаӷәаза апресс-маҵзура.
"Ҳаҭыр зқәу ҳпассаџьырцәа, аҳауаҭагылазаашьа иахҟьаны Шәачатәи аҳаирбаӷәаза амш зеиԥшроу инақәыршәаны аус аулоит", - азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Шәача амшцәгьа бааԥсы ҟалоит ҳәа рылаҳәоуп: ԥхынҷкәын 25 рҟынӡа ақәа леилоит, аԥша ӷәӷәа аслоит, асы, ашьхарахь- аслеира. Аӡынтәи аплиажқәа аркуп, ашьхара ахалара ԥкуп, АҶА аусзуҩцәа аӡиасқәа рышьҭыҵра иахылаԥшуеит.