Арадио

Агрба: Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуаа зегьы арахь иаарц сҭахуп

Sputnik
Адырраҭара “Зхьышьҭра змырӡыз” аҳәаақәа ирҭагӡаны зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рҭоурыхқәа еилаҳкаауеит. Урҭ рабацәеи рабдуцәеи знысыз амҩеи иахьа ирыԥсҭазаашьоуи атәы еиҭарҳәоит арадио Sputnik аефир аҟны.
Ҳаџьараҭ Агрба 26 шықәса ихыҵует. Диит иара Ҭырқәтәыла, шықәсыбжак ҵуеит иани, иаҳәшьеи, иареи Аԥсныҟа иааижьҭеи. Иара иаб Ҭырқәтәыла диит, иан - Аԥсны, д-Арҷелиаԥҳауп.
Ҳаџьараҭ ибзиан абызшәа иҳәоит, асҟакгьы шыздыруаз схаҭа исыздыруамызт иҳәеит иара аиҿцәажәараҿы.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.