Хәышықәса ҵуеит аусура ҳаҿиужьҭеи, иаҳа-иаҳа анапы шамоу убартә иҟалеит, иалҵыз бзиахеит ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Гьергьиа.
"Аҳәынҭқарра ҳацхрааит. Амаругақәа анааҳәхәа ашьҭахь иаҳа еиӷьхеит, иаҳагьы иаҳзымариахеит. Ачаи зжәуа иргәаԥхоит. Сынтәа аџьармыкьахь ицәыраҳгеит. Уи иаҳнарбеит ҳус еиҳагьы ишацҵатәу. Уигьы акраҵанакуеит ҳара ҳзы. Аԥышәа ҳауит, иаҳбарҭоуп ачаи ахаҭабзиара ауаа ишрыдыркылаз. Аԥсны азхара аҟаҵара ҳцәыцәгьоуп, аха иацаҳҵоит ԥсыхәа ахьынӡамоу. Еиҳарак ахарџь зго дара аплантациақәа реиҭашьақәыргылароуп. Ахәы ауҭалароуп, знык ианыԥхасҭаха ицәгьахоит аиҭашьақәыргылара. Сынтәа хкык цәыраҳгазар, ҳаԥхьаҟа ҩба-хԥа ҳауеит", - иҳәеит Гьергьиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.