АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада иԥшәмаԥҳәыс Аелита Ахьиԥҳа Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ аҵаҩцәа Ашықәс ҿыц рыдылныҳәалеит.
"Ишәыдысныҳәаларц сҭахуп иааиуа Ашықәс ҿыц. Шәара зегьы аныҳәа бзиа ижәбоит. Традициа ҳасабла аиҳабацәа ахәыҷқәа аҳамҭақәа рырҭоит, ирыдныҳәалоит. Убри азы сҭаацәагьы ирҭахуп аҳамҭақәа шәзыҟарҵарц. Исҭахуп иааиуа ашықәс абзиарақәа, агәырӷьарақәа шәзаанагарц. Шәҭаацәа шәылагәырӷьалааит, ачымазарақәа шәаҩсааит. Ҳара, адуцәа, шәара шәзы иҳалшо зегь ҟаҳҵалоит", - лҳәеит Аелита Ахьиԥҳа.
Ахада иԥшәмаԥҳәыс ашколхәыҷқәа аҳамҭақәа рзылшеит. Иара убасгьы аҳамҭақәа рзынашьҭхоит аҳҭнықалақь ахәыҷбаҳчақәа руак, тамшьтәи ашкол, калдахәаратәии очамчыратәии ашкол-интернатқәа рахь.