Аԥсны

Акатоликцәа р-Қьырсаныҳәа азгәарҭоит адунеи зегьы аҿеиԥш Аԥсынгьы

Адунеи зегь аҟны ԥхынҷкәын 25 рзы акатоликцәа иазгәарҭоит Қьырсаныҳәа. Аԥсны иара азгәарҭоит Симон Каннтәи иуахәамаҿы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik. Қьырсаныҳәа адунеи ақьырсианцәа зегьы рзы еиҳа иналукааша ныҳәоуп.
Акатоликцәа р-Қьырсаныҳәа азгәарҭоит ԥхынҷкәын 24-25 руха. Аныҳәа ԥхынҷкәын 25 рзы иазгәаҭалазарц рыӡбеит 431 шықәсазы Ефестәи Ахԥатәи Адунеизегьтәи аизараҿы.
Акатоликцәа рыдагьы ари аҽны аныҳәа мҩаԥыргоит апротестантцәа: алиутеранцәа, англиканцәа, аметодистцәа рыхәҭа, абаптистцәа, ҩынҩажәижәабацәа иара убасгьы Григори имзар иақәшәо Иулиан имзар ҿыц зхы иазырхәо адунеи ақырсиан уахәамақәа жәохә рҟынтәи жәаба.
Қьырсаныҳәа иаԥхьанеиуеит Адвентаамҭа – ӷәӷәалатәи ахьхәраамҭа. Адвента аамҭазы Анцәа дхазҵо анцәаимҵаныҳәара ҷыдақәа ирылахәуп, излалшо ала агәыҳалалратә усқәа мҩаԥыргоит. Ԥхынҷкәын 25 аҽны алитургиақәа хԥа мҩаԥыргоит – уахынлатәи амесса, ашамҭазтәи амесса, ҽынлатәи амесса. Абас ала Қырсаныҳәа хынтәны иазгәарҭоит - Ажәа Аб Анцәа иҟынтә аира (уахынла), Анцәа-Аԥа Аҭыԥҳа лҟынтәи иира (ашамҭаз), Анцәа анцәадхазҵо агәаҿы иира (ҽынла).
Европатәи атәылақәа жәпакы рҿы аныҳәатә еишәа иқәырҵоит ачарӡеиларҳә, ахҷаҭ, ашоколад рыла ирԥшӡаны. Аныҳәа асимвол хадақәа иреиуоуп иарку ацәашьқәа.
Италиеи Ватикани руааԥсыра аныҳәаҽны аишәа иқәырҵоит акәац ӡны, аныҳәатә паска – панеттоне. Уи амшаԥтә паска еиԥшуп ма Верона ирӡуа пандоро еиԥшуп. Егьырҭ атәылақәа рҿы ҳамҭас еимырдоит ахаа торрончино – ануга ма агрилиаж иреиԥшу.
Германиа еиуеиԥшым арегионқәа рҿы ирӡуеит ахаақәа – ниурнбергтәи априаник, ахентәи иҭаԥыҟҟоу априаник, Дрездентәи апаска, акорица зқәыԥсоу аеҵәа.