ГӘДОУҬА, ԥхынҷкәын 25 – Sputnik, Бадри Есиава. Амшцәгьа иахҟьаны аԥхасҭа зауз ауаа рарзаҳалқәа рыдыркыло иалагоит Гәдоуҭа ҳәа иҳәеит араион ахада Баграт Боџьгәуа есымчыбжьатәи аилацәажәараҿы.
Ақыҭақәа рхадацәа рнапы ианиҵеит аԥхасҭа зауз рҟынтәи арзаҳалқәа рыдкыланы АҶА ацхыраарала адокументқәа еизыргарц. Раԥхьа иргыланы аԥша зԥырхагахаз рҟынтәи.
Уаанӡа Боџьгәуа иҳәахьан 15 хатәыҩны ақыҭақәа Лыхны, Хыԥста, Абгархықә, Ҟәланырхәа рҟны ааха шроуз.
Аилацәажәараҿы иара убасгьы иазгәарҭеит Ҟәланырхәеи Хыԥсҭеи ақыҭақәа рышколқәа рхыбқәа аԥша шырԥырхыгахаз.