Аԥсны

Аԥсны Апарламент иаднакылеит "Аинвестициатә еиҩызаразы" азакәан

Азакәан азырхоуп аинвестициатә еиҩызара аҭышәныртәаларазы азинтә шьаҭақәа раԥҵара.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент иаднакылеит "Аинвестициатә еиҩызаразы" азакәан аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала ԥхынҷкәын 25 рзы.
Апроект иҳәаақәнаҵоит аинвестициатә усура аицымҩаԥгаразы мацара ирыбжьарҵо аинвестициатә еиҩызаразы аиқәшаҳаҭра, уи аҭагылазаашьақәа, аиқәшаҳаҭраҿы алахәылацәа ркатегориақәеи анапхгаҩцәа рзинқәеи рҭакԥхықәрақәеи.
Абри азакәан адкылара инадҳәаланы аԥсахрақәа алагалан "Аусӡбара анагӡаразы" азакәани Ауаажәларратә закәанеидкылеи.
Ауаажәларратә закәанеидкыла иацҵан аиҩызараз аиқәшаҳаҭра аҷыдарақәа азакәан ишышьақәнарӷәӷәо азы анорма.
"Аусӡбара анагӡаразы" азакәан аԥсахрақәа иаҵанакуеит аиҩызара алахәыла иуалқәа рылгара аҷыдарақәа рышьақәырӷәӷәара.