Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Кәыҵниа лынхара илзацу агәыбылреи аибашьра илыднаҵаз ауси иазкны

Ҷлоу ақыҭан инхо Мзиа Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы илгәалалыршәеит аибашьра ҟалаанӡа аԥсҭазаара шеилашуаз, анхацәа аус шыруаз, уажәы ақыҭаҿы анхара шеиҿкаау, насгьы лнапы зду аус гәыбылрас илзацу атәы.
Sputnik
Мзиа Кәыҵниаԥҳа ақыҭанхамҩатә институт даушьҭымҭоуп. Занааҭла дагрономхеит, аха аханатә ажурналистикахь лхы лырхар лҭахын. Хаҭала ачаи аарахра ахырхарҭала далгеит, аха аибашьра илыднаҵеит даҽакы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.