Аԥсны

Гагра ахәаахәҭратә центр "Континент" амца акит

Уаанӡатәи ахәаахәҭратә центр "Континтент" аҿы амцарцәара иаҿуп амцарцәаратә гәыԥқәа фба.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра ахәаахәҭратә центр "Континент" амца акит ашәахьа, ԥхынҷкәын 25 рзы.
Sputnik зыҿцәажәоз Гагра араион амцарцәара-еиқәырхаратә отриад аиҳабы Давид Бганба ишиҳәаз ала, асааҭ 13:40 рзы амцакра ахьыҟалаз инеит амцарцәаратә гәыԥқәа хәбеи аиқәырхаратә гәыԥки. Урҭ уахь ианнеи ахыбра амца иамҽханакхьан.
Уажәазы амца ырцәоуп. Бганба иҳәеит ааигәа игылоу аобиектқәа рзы шәарҭара ыҟам, амцакра амзыз макьаназ еилкаам ҳәа.