АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik. Гагра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит ақалақь акоммуналтә маҵзурақәа аԥшаӷьы ахҟьаԥҟьақәа рыԥыхра иаҿуп ҳәа.
"Арыцқьарақәа рзы аусурақәа ирылагеит иара аухаҵәҟьа. Амаҵзурақәа ҵхыбжьон асааҭ хԥа рҟынӡа аус руан, ашьыжь амҩақәа дрыцқьахьан. Иуҳәар ҟалоит алашара зехьынџьара иҟоуп ҳәа. Џьара-џьара ашьаҟақәа ахькаҳаз аусурақәа мышкы-ҩымш рыла ихыркәшахоит", - иҳәеит иара.
Уажәы акоммуналтә маҵзурақәа иԥырҟаз аҵлақәа ықәыргоит иҳәеит араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ.