Тҟәарчалаа рыԥсаӡ хада рхиоуп акультуратә хан азааигәара иҟоу апарк аҿы. Иара џьашьахуп, убла узаҟәымго иҟаҵоуп ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Жьиԥҳа.
"Ҵыԥх аасҭа сынтәа аныҳәа ахьымҩаԥгахо ашҭа зегьы ҩычоуп лашарбагала. Аԥсаӡ 12 метра иҟоуп. Уи иагылган ҵәҩанҵәыҟа ихалоит алакә шьабысҭа, ари аҩыза аӡәы имоуп ҳәа сыҟам. Даара иџьашьахәуп, ҳагәҭакы ахьынагӡахаз ҳаигәырӷьоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Жьиԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.