Гәдоуҭа имҩаԥысуеит ашықәсҿыцазтәи аџьармыкьа. Уажәшьҭа хышықәсоуп ас еиԥш ауснагӡатә уаҟа еиҿыркаауеижьҭеи. Знапкымҭақәа аахәаҩцәа ирыдызгало рхыԥхьаӡара ахьынӡанаӡо, ицәырырго анапкымҭақәа, аныҳәатә гәалаҟазаара аԥҵаразы апрограмма зеиԥшроу атәы, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аџьармыкьа аиҿкааҩцәа ируаӡәку Сариа Арӡынԥҳа.
Лара илҳәеит, Гәдоуҭа имҩаԥысуа ашықәсҿыцазтәи аџьармыкьаҟны раалыҵ шцәырыгаз 70-ҩык рҟынӡа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.