Ԥхынҷкәын 16 инаркны аусмҩаԥгатәқәа хацыркын еиуеиԥшым араион аклубқәа рҿы ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы. Аԥсуа шәаҳәаҩцәа адгыланы ауааԥсыра рзы имҩаԥган аконцертқәа ҳәа лҳәеит Бганԥҳа.
"Ауаа рлакҭа аҭаԥшра акраҵанакуеит. Ҳахьнеилак әахәарыла ирыдыркылоит. Ахәыҷқәа ирызшан аҳамҭа хәыҷқәа. Убас угәы шьҭнахуеит ус еиԥш аусмҩаԥгатәқәа, ҳаԥхьаҟа ҳахьымцац ҳцар ҳҭаххо ҳҟалеит", - ҳәа инаҵылшьит Гагра араион ахадара акультура аҟәша аиҳабы.
Бганԥҳа лажәақәа рыла, ԥхынҷкәын 27 рзы ақалақь аҿы инарҭбааны имҩаԥгахоит аныҳәатә программа. Уи иалахәхо ахәыҷқәа зегьы ирызшахоит аҳамҭақәа, урҭ араион ахадара иаздырхеит ҳәа адырра ҟалҵеит лара.
Иара убас ажьырныҳәа 3 инаркны 7 рҿынӡа аԥсаӡ хада ахьгылоу ашҭаҿ Ашықәс ҿыц иазку аныҳәатә фильмқәа дырбалахоит.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.