Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Ирымху атауарқәа миллиардбжак рыхә арратә операциа ҷыда аҭахрақәа рзы идәықәҵоуп

Урыстәыла Украина арратә операциа ҷыда иалагеит 2022 шықәса жәабран 24 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 - Sputnik. 2023 шықәса иалагазар ирымху атауарқәа 520 миллион мааҭ рыхә арратә операциа ҷыда аҭахрақәа рзы инанашьҭхьеит Урыстәыла аҳазалхырҭа. Абри атәы аанацҳауеит Афедералтә аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура.
Иааидкыланы ирыҭаз амазара ҩнызқь таура иреиҳан, урҭ рыбжьара автомобилтә техникеи, аргыларатә маҭәахәқәеи, арзҩыдаратә хархәагақәеи.
Ажьырныҳәа инаркны абҵарамзанӡа инагӡан 12 000 қәҵара атауарқәа афедералтә хатәтәра рыҭаразы. Азинмч змоу аусбарҭақәа ирыҭан 3, 8 миллиард зыхәԥса наӡо амазара.