АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 - Sputnik. Урыстәыла 2023 шықәсазы еиҳагьы иӷәӷәахеит, ажәлар Мраҭашәара аҿаԥхьа агибрид еибашьра иаҿагыланы рҽеидыркылеит, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
"Урыстәыла иаҿагыланы аколлективтә Мраҭашәара имҩаԥнаго агибридтә еибашьра иалҵшәаны Урыстәыла 2023 шықәсазы еиҳагьы иӷәӷәахеит, ажәлар ракәзаргьы еиҳагьы рҽеидыркылеит", - иҳәеит Сергеи Лавров РИА Новостии ателеканал "Россия 24" аинтервиу рыҭо.
Аминистр агәраганы дыҟоуп Мраҭашәара Урыстәыла ауааԥсыра рҽеиҟәырыҭхап, аоперациа ҷыда иаҿагылап ҳәа ишақәгәыӷуаз, аха аусқәа ус акәымкәа аҽа хырхарҭак роуит, "ажәлари атәылеи еидгылеит".
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров агәра игоит Урыстәыла ауааԥсыра зегьы, ахада аԥхьа днаргыланы, аиааира амҩа ишықәу.
"Аиааира ҳара ҳзы адипломатиатә ҟазшьа мацара акәӡам иамоу. Раԥхьа иргыланы аоперациа ҷыда ахьымҩаԥысуоуп аиааира ахьырыӡрыжәуа. Аха атыл ада, ажәлар рыдгылара ада уаҟагьы аиааира залыршахомызт. Ҳажәлари ҳнапхгареи ҳхада раԥхьа днаргыланы аиааирахь амҩа аадыртуеит", - иҳәеит Сергеи Лавров РИА Новостии ателеканал "Россия 24" аинтервиу рыҭо, Урыстәыла 2023 шықәсазы иарбан дипломатиатә иааироу иамоу ҳәа азҵаара аҭак ҟаҵо.