Арадио

Шәлымба: ԥхынҷкәын 31 рзы автобусқәеи атроллеибусқәеи хәыда-ԥсада иныҟәалоит

Ашықәс ҿыц аухеи, аныҳәамшқәа раани аҳҭнықалақьтә транспорт аныҟәара шеиҿкаахо атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәатәи автотранспорттә наплакы аиҳабы Леонид Шәлымба.
Sputnik
Ашықәс ҿыц аҽны иҭыҵуа ҳатранспорт ахыԥхьаӡара абжьааԥнытәи еиԥшхоит, уи аус аулоит асааҭ 22:30-нӡа ҳәа адырра ҟаиҵеит Шәлымба.
"Иҳаҩсыз ашықәсқәа раан атранспорт ныҟәон аҵх агәанынӡа, аха аԥышәа иаҳнарбеит, уи аамҭазы ауааԥсыра дара рхатәы машьынақәа рыла ишҭыҵуа. Аҭагылазаашьа хылаԥшра аҳҭалоит, иаҭахханы иаҳбар, иҭаҳгартә еиԥш алшара ҟалоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Ажьырныҳәа 1, 2, 3 рзы атранспорт ираӡаны иаурышьҭлоит, избанзар, ақалақь аҿы ауаа рацәахом. Уигьы игәаҳҭахьоу усуп ҳәа азгәеитеит Шәлымба. Иара убас ԥхынҷкәын 31 рзы автобусқәеи атроллеибусқәеи хәыда-ԥсада иныҟәалоит.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.