Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла арратә операциа ҷыда ахықәкқәа рынагӡара аҽазнархиоит ҳәа иҳәеит Лавров

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 – Sputnik. Украинатәи ахырхарҭаҿы иҟоу аиҭакрақәа инарыдҳәаланы Урыстәыла арратә операциа ҷыда ахықәкқәа рынагӡара аҽазнархиоит, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
"Ҳара ҳҽазҳархиоит ҳҿаԥхьа иқәҳаргылаз ахықәкқәа рынагӡара. Адемилитаризациа, аденацификациа. Уи уаҩ дзацәцаӡом", – Сергеи Лавров РИА Новостии ателеканал "Россия 24" аинтервиу рыҭо, украинатәи ахырхарҭаҿ аиҭакрақәа рзы азҵаара аҭак ҟаҵо.
"Иԥаршеиу амц" ҳәа рхиҳәааит аминистр Мраҭашәаратәи атәылақәа Украина аимак аус ӡбхоит "Киев аиааирала" ҳәа игәарарҵо ажәабжьқәа.
Урыстәыла
Лавров: Урыстәыла 2023 шықәсазы еиҳа иӷәӷәахеит, ажәлар Мраҭашәара аҿаԥхьа рҽеидыркылеит
"Арҭ ачынуаа иреиҳау џьоук рҿаԥхьа ак рҳәароуп. Асовет еидгыла абиурократиатә структурақәа рҟны уаанӡа ахәышықәса адҵақәа заанаҵы инаҳагӡеит ҳәа шырҳәалоз аиԥш, аха усҟан амц аҭыԥ шамазгьы аиҳарак ишырҳәоз акәын ишыҟаз. Уажәы Мраҭашәара иҟанаҵо амцеиқәырҽаҽара иреицәоу формоуп", - иҳәеит Лавров.
Иара иазгәеиҭеит Урыстәыла аҵахароуп ҳәа Мраҭашәара астратегиа еилаҳаит.
"Мраҭашәара ииашаҵәҟьаны атактика аԥсахуеит, иҟалап аҽа стратегиак шьақәнаргылозаргьы. Избанзар Урыстәыла аҵахароуп ҳәа Мраҭашәара астратегиа рцәеилаҳаит", - иҳәеит иара.