Аԥсны

Аслан Бжьаниеи Сергеи Лаврови аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит

Аԥсны ахадеи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистри иааиуа аныҳәақәа еидырныҳәалеит, 2024 шықәсазы Москвеи Аҟәеи реизыҟазаашьақәа рыҿиара аԥеиԥш иалацәажәеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ҭелла диацәажәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Лавров агәыӷра ааирԥшит ҳазҭало ашықәс ҿыц азы Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа аҩҳәынҭқаррак рыжәларқәа ирзеиӷьхаратәы ишыҿиало.
Аслан Бжьаниа иакәзар, инаҵишьит Аԥсны Москвеи ҳареи ҳастратегиатә партниорра арӷәӷәара ишадгылоу.
Иара убас дара иааиуа аныҳәақәа - Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи - еидырныҳәалеит.