Аԥсны

Мамзышьха абна амца акит

Амцакра ахьыҟалаз ааигәа-сигәа аҩнқәа гылам, амцарцәаҩцәа аҭагылазаашьа иахылаԥшуеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Мамзышьха ақәцәан амцакра ҟалеит. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Гагра араион амцарцәара-еиқәырхаратә отриад аиҳабы Давид Бганба.
Иара иазгәеиҭеит амца ахьаку аҭыԥ ахь АҶА атехника анеира ацәыцәгьоуп. Амҽхак амакьана еилкаам, аха уажәазы усгьы иубартә иҟоуп ишдуу.
Амцакра ахьыҟалаз ааигәа-сигәа аҩнқәа гылам, амцарцәаҩцәа аҭагылазаашьа иахылаԥшуеит.