Адырраҭара “Зхьышьҭра змырӡыз” аҳәаақәа ирҭагӡаны арадио Sputnik аефир аҟны шықәсык иназынаԥшуа ҳарзааҭгылон зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рҭоурыхқәа. Урҭ рабацәеи рабдуцәеи знысыз амҩа, иахьатәи рхылҵшьҭрақәа рыԥсадгьыл аҟны ирыԥсҭазаашьоу, рҿаԥхьа ицәырҵуаз ауадаҩрақәа ртәы еилаҳкаауан.
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы асоциалтә бзазара аҟәша аиҳабы Алиас Нанба еиҭеиҳәеит зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа ара рыҟазаара аиӷьтәразы Аилак имҩаԥнаго аусқәа ртәы.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.