Урыстәыла

Жәаҩык ауаа ҭахеит Украина Белгород ианалахыс ашьҭахь

2023 шықәса раахыс Белгородтәи аобласт аҵакыраҿы атеррористтә шәарҭара аҩаӡара ҩежь алагалоуп Украина аганахьала лассы-лассы иахьалахысуа аҟынтә.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. Жәаҩык ауаа ҭахеит Украина Белгород ианалахыс ашьҭахь, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АҶА апресс-маҵзура.
"Белгород УАМ аналахыс ашьҭахь иҭахеит жәҩык адуцәеи сабики. Аахақәа роуит 45-ҩык, урҭ рахьтә ԥшьҩык хәыҷқәоуп", - ҳәа ануп адырраҭараҿы.
Урыстәыла ахада Владимир Путин идҵала Белгородҟа ицеит агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко дызхагылоу абригада, иара убас АҶА агәыԥ.
Алахысра иахҟьаны аграждантә инфраструктура ааха аиуоит, ахатәыҩнқәа жәаба блит. Иара убас ҩ-автомобилки аӡымҩангагақәеи аахақәа роуит.
УАМ лассы-лассы урыстәылатәи аҳәаа иаԥну аҵакырақәа ирылахысуеит. Убас, ԥхынҷкәын 29-30 руха украинатәи аруаа Белгородтәи аобласт иалахысит, ареактиктә снариадқәа рыла, аҳауаҽацәыхьчаратә мчқәа икарыжьит 13 ракета.