Адырраҭара “Зхьышьҭра змырӡыз” аҳәаақәа ирҭагӡаны арадио Sputnik аефир аҟны шықәсык иназынаԥшуа ҳарзааҭгылон зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рҭоурыхқәа. Урҭ рабацәеи рабдуцәеи знысыз амҩа, иахьатәи рхылҵшьҭрақәа рыԥсадгьыл аҟны ирыԥсҭазаашьоу, рҿаԥхьа ицәырҵуаз ауадаҩрақәа ртәы еилаҳкаауан. Арҭқәа реихшьаалазы, ихатә лкаақәа ҟиаҵаразы астудиахь дааԥхьан Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы асоциалтә бзазара аҟәша аиҳабы Алиас Нанба.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.