Аԥсны

Аенергетикцәа Амжәықәхәа ақыҭан авольтҳарак цәаҳәа иамаз аԥхасҭа дырҽеит

Гәдоуҭа араион Амжәықәхәа ақыҭа анхацәа лашарада иҟан ԥхынҷкәын 24 раахыс. Аԥша ӷәӷәаны иахьасуаз иахҟьаны авольтҳарак шьаҟақәа рҿы аизолиаторқәа бжьысит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 31 – Sputnik, Бадри Есиава. Аенергетикцәа Амжәықәхәа ақыҭан авольтҳарак цәаҳәа иамаз аԥхасҭа дырҽеит ԥхынҷкәын 30 рзы ахәылԥаз. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" Гәдоуҭатәи афилиал аиҳабы Ахра Гагәылиа.
Иара иазгәеиҭеит ԥхынҷкәын 23-24 руха аԥша ӷәӷәаны иахьасуаз иахҟьаны авольтҳарак шьаҟақәа рҿы аизолиаторқәа шыбжьысыз.
"Аҟәатәии гәдоуҭатәии абригадақәа анеира ахьыцәгьоу аҭыԥқәа рҿы игылоу авольтҳарак шьаҟақәа жәба гәарҭеит. Урҭ ашьаҟақәа абнараҿы игылоуп, иҟоуп аҿҟьарсҭақәа, аҳаракырақәа. Абас аҭыԥ ахьыцәгьоу иахьгылоу азы аамҭа рацәаны иагеит аԥхасҭа ахьыҟалаз аҭыԥ аԥшаара, уа аремонт амҩаԥгара", - иҳәеит Гагәылиа.
Ԥхынҷкәын 23-24 руха иасуаз аԥша ӷәӷәа иахҟьаны Аԥсны араионқәак рҿы афымцаҳақәа аԥхасҭа роуитт. Иааидкыланы Амжәықәхәа ақыҭан алашара фымш иҟамызт.