АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. Белгород Киев амчрақәа ралахысраан иҭахаз ауааԥсыра 20-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АҶА апресс-маҵзура.
"Белгород иҭахаз рхыԥхьаӡара 18 рҟынӡа инаӡеит, ахәрақәа роуит 109-ҩык. Иахьа УАМ ақалақь аграждантә инфраструктура ӷәӷәала иалахысит", - ҳәа ануп адырраҭараҿы.
Уаанӡа Урыстәыла атәылахьчара аминистрра адырра ҟанаҵахьан Белгород комбинациала иҟаз харабӷьара иаарышьҭыз ахымца шажәырҵаз ҩ-ракетак "Ольха" ала, уи иагәылан адунеи аҿы изқәиҭым акассетатә џьаԥҳани аицҭырҟьаратә снариадқәа "Vampire"-и.
"Ольха", иара убас аснариадқәа рыхәҭак аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит, аха уеизгьы аракетатә снариадқәеи икарыжьыз аракетақәа ркассетатә хәҭақәеи ақалақь иалаҳаит.
Урыстәыла ашьаусԥшааратә еилакы ашьаус хацнаркит ауаҩшьра, ауаҩшьразы аҽазышәара, гәҭакрала атәым мазара ақәхреи абжьыхреи рзы. Ақалақь аҿы аус руеит ашьаусԥшааҩцәа, аекспертцәа, акриминалистцәа, урҭ ахҭыс шыҟалаз ҭырҵаауеит.