Аԥсны

Бжьаниа Путин дидышшылеит Украина Арбџьармчқәа Белгород ианалахыс ауаа ахьҭахаз инамаданы

Агубернатор иҟаиҵаз аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, иҭахеит 24-ҩык, 108-ҩык ахәрақәа роуит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 31 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла ахада Владимир Путин дидышшылеит Украина ракетала Белгород ианалахыс ауаа ахьҭахаз инамаданы.
"Аԥсны жәлар урыстәылаа ирыдышшылоит, гәыла-ԥсыла ирылгылоит. Агәыӷра ҳамоуп ас еиԥш арыцҳарақәа аурыс идгьыл аҿы уаҳа иҟаларым ҳәа", - абас ануп адышшылара атекст аҿы.
Асабша шьыбжьон Белгородтәи аобласт агубернатор адырра ҟаиҵеит украинатәи аруаа Белгород агәы ишалахысыз. Агубернатор иҟаиҵаз аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, иҭахеит 24-ҩык, 108-ҩык ахәрақәа роуит. Еиуеиԥшым аԥхасҭа ҟалеит аҩнеихагылақәа 37, ауаҭахқәа 453, ахатәыҩнқәа хԥа, асоциалтә обиектқәа быжьба рҟны.
Урыстәыла
Белгород иҭахаз рхыԥхьаӡара 24-ҩык ҟалеит