АҞӘА, ԥхынҷкәын 31 - Sputnik. Украина Белгород иахьалахысыз азы дазусҭазаалак дахьҳархәуеит ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит Урыстәыла атәылаҿьчара аминистрраҿы.
Иазгәаҭоуп Белгород изалахысыз афронт аҿы Украина ар аҵахара иахьаҿу ауаа рылаԥш ахдырԥарц, иара убас Москва уи аҭак ҟанаҵарц азоуп ҳәа
"Инаҵшьны иаҳҳәоит Урыстәыла Арбџьармчқәа ишреихсуа арратә обиектқәа мацара. Наҟ-наҟгьы ус ауп ишыҟаҳҵало. Иҟарҵаз ари ацәгьоурагьы иахьҳархәуеит", - ҳәа ануп акьыԥхьымҭаҿы.
Аусбарҭа иаанацҳаит Белгород комбинациала иҟаз харабӷьара иаарышьҭыз ахымца шажәырҵаз ҩ-ракетак "Ольха" ала, уи иагәылан адунеи аҿы изқәиҭым акассетатә џьаԥҳани аицҭырҟьаратә снариадқәа "Vampire"-и.
"Ольха", иара убас аснариадқәа рыхәҭак аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит, аха уеизгьы аракетатә снариадқәеи икарыжьыз аракетақәа ркассетатә хәҭақәеи ақалақь иалаҳаит.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, иҭахеит 20-ҩык, 109-ҩык ахәрақәа рымоуп.
Урыстәыла ашьаусԥшааратә еилакы ашьаус хацнаркит ауаҩшьра, ауаҩшьразы аҽазышәара, гәҭакрала атәым мазара ақәхреи абжьыхреи рзы. Ақалақь аҿы аус руеит ашьаусԥшааҩцәа, аекспертцәа, акриминалистцәа, урҭ ахҭыс шыҟалаз ҭырҵаауеит.
Ашьаусԥшааратә еилакы ахантәаҩы Александр Бастрыкин адҵа ҟаиҵеит изхароу рыԥшаарц, урҭ напхгаҩцәас ирымоу.