АҞӘА, ажьырныҳәа 1 - Sputnik. Иапониа мраҭашәаратәи агаҿа ҩ-сааҭк рыҩнуҵаҟа 29-нтә адгьылҵысра ҟалеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аҳауагәаҭаратә маҵзура астатистикатә дыррақәа шьаҭас иганы.
5,7 балл зымҽхак ыҟаз раԥхьатәи адгьылҵысра ҟалаеит асааҭ 16:06 (10:06 москватәи аамҭала - аред. азгә.). Уи инашьҭарх егьырҭ адгьылҵысрақәагь ҟалеит зымчхара 4,3 инаркны 7,6 баллк рҟынӡа инаӡоз.
Уи адагьы, ирылаҳәоуп ацунами аҟалараз ашәарҭара шыҟоу. Иазгәаҭоуп ацәқәырԥақәа хә-метрак ишьҭыҵр шалшо.
Иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны лашарада иаанхеит 35 нызқь ҩны, ибгеит аҩнқәеи амҩадуқәеи, иаанкылоуп ирццаку адәыӷбақәа рныҟәара, Вадзима ақалақь аҟны амцакра ду ҟалеит.
Урыстәыла мраҭашәаратәи арегионқәа рыҟны ацунами аҟалараз ашәарҭара рылаҳәоуп - Сахалини Приморски. Урыстәыла АҶА иаанацҳауеит ацәқәырԥақәа 60 сантиметр еиҳахом ҳәа.